ААР Урыстәылеи Украинеи рыбжьара аибашьра ухахьы иузаамго акоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит

Мраҭашәара Урыстәыла ахара аднаҵоит Украина иажәларц аҽазнархиоит ҳәа. Кремль иазгәарҭеит, арҭ рҩызцәа ахарадҵарақәа ҿарԥас ишыҟоу НАТО атехникеи ари урыстәыла аҳәаақәа рааигәара рыргыларазы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 28 - Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациеи акьыԥхьи Рдепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Алексеи Заицев Урыстәылеи Украинеи рыжәларқәа рыбжьара аибашьра ухахьы иузаамго акоуп ҳәа иԥхьаӡоит. Абри атәы аҩуеит РИА Новости.

"Ҳтәыла аӡәы иқәлараны иҟам, гәҭакысгьы иамам. Ҳажәларқәа рыбжьара аибашьра ҟалашьа змам усуп", - иҳәеит Заицев абрифинг аҿы.

Убри аан иазгәеиҭеит, аокеаннырцәтәи Украина ахылаԥшҩцәа аҽакала ишхәыцуа.
Заицев иажәақәа рыла, дара ихыҭҳәаау асценари иқәныҟәоит, Урыстәыла Украина иақәлар аҭахушәа уи алагь Мраҭашәара зегьы рҿагыларатә еиԥш.
Мраҭашәаратәи атәылақәа Украина арратә цхыраара арҭоит, Донбасс ахархәара змоу абџьаргьы абрахь иналаҵаны.