Аԥсны

Аԥсны аррамаҵзурауаа еилыркааит агранатаршәреи аҽышьҭыхреи еиҳа изылшо

Аруаа реицлабра иалахәын аԥшыхәҩцәа, амотохысцәа, аԥырҩцәа, иҷыдоу азыҟаҵара змоу агәыҧ, Иреиҳау адҵаҟаҵаратә ҵараиурҭа акурсантцәа, акомендантә рота аррамаҵурауаа.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 28 - Sputnik. Атәылахьчара аминистрра аспорттә еиндаҭларақәа мҩаԥнагеит ҳәа азгәанаҭоит аусбарҭа асаит.
Ареспублика аррамаҵзурауаа агранатаршәреи аҽышьҭыхреи рзы еиндаҭлон.

Аминистрра аморал-ԥсихологиатә зыҟаҵара аусбарҭа афицар еиҳабы, аподполковник Артур Дохоиан ишиҳәаз ала, арҭ рҩызцәа ауснагӡатәқәа азырхоуп аррамаҵзурауаа ргәабзиара арӷәӷәара, рҿаԥхьа иқәгылоу аусдҵақәа рынагӡара алыршара.

Агранатаршәразы аиндаҭлараҿы аиааира ргеит хаз игоу актәи амотохысратә баталион. Аҩбатәи аҭыԥ - авиациатә гәыԥ, ахԥатәи – хаз иго аотриад ҷыда. Аҽышьҭыхраҿы аԥыжәара ргеит Аҟәатәи азеиԥшартә адҵаҟаҵаратә ҵараиурҭа акоманда, 2-тәи аҭыԥ - АА АМ рыдҵаҟаҵара-ԥшыхәратә центр ахаҭарнакцәа, 3-тәи аҭыԥ - Аштаб хада акоменданттә рота аррамаҵзурауаа. Аиндаҭлара иаиааиз аҳаҭыртә шәҟәқәа рыҭан.