АҞӘА, ажьырныҳәа 28 - Sputnik. Иарбанызаалак политикатә зҵаарак алацәажәараан уи аҭоурых удыруазар шахәҭоу атәы иҳәеит Сергеи Лавров арадиостанциақәа аинтервиу анриҭоз, еиҭеиҳәеит Euronews, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи реимак азы анҵамҭа дшахәаԥшуаз.
Аминистр ахҳәаа аиҭеит Аахыҵ Уаԥстәыла ақыҭа Двани аҟынтәи ақырҭуа журналист ианҵамҭа. Ажурналист аибашьраан зыҩны рыблыз ақырҭуа иӡбахә еиҭаҳәо иҳәеит 14 шықәса зхыҵуа аимак иахырҟьаны ауаа иахьагьы анхашьа уадаҩ рымоуп ҳәа. Иара иажәақәа рыла ауаа ирцәыӡуеит рыдгьылқәа, аурыс солдаҭцәа дара ҭаркуеит, ирӷьычуеит.
Анҵамҭа дахцәажәо Euronews амҩаԥгаҩ ахәаԥшыҩцәа ирзеиҭеиҳәеит СССР анеилаҳа ашьҭахь Қырҭтәыла егьырҭ асовет республикақәа раԥхьагьы асепаратизм закәыз еилнакааит, иахьагьы зықьҩыла ауаа рыҩнқәа ирыхцоуп ҳәа.
"Убри аан ажәакгьы ҳәамызт иарбан сепаратизму Қырҭтәыла зыниаз, Гамсахурдиа шовинист ҳасабла аԥсуаа шәыдгьыл шәықәҵ ма шәыҽқырҭуашәтә ҳәа анрыдырҵоз, уаас ианырымшьоз. Ари атәы аӡәгьы далацәажәаӡом", - иҳәеит Лавров.
Анҵамҭа хыркәшан 2008 шықәсазы аимак аан Урыстәыла Аахыҵ Уаԥстәыла иадгылеит ҳәа афразала.
Аминистр иҳәеит еиуеиԥшым агәаанагарақәа ҳадгылоит ҳәа зыԥхьаӡо аканал Euronews аимак ианалацәажәо уи алагашьа атәы ахьагәаланамыршәо.