Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҷантуриаԥҳа Мысратәи ацҳақәа ирызкны

Мысра зыргылара иаҿу ҩ-цҳак аҭыԥантәи анхаҩцәа рзы ҵакыс иамоу атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аҳаблаҿ инхо Ванда Ҷантуриаԥҳа.
Sputnik
"Ацҳақәа руакы Мгәыӡырхәа ақыҭеи Мысреи еидызҳәало цҳауп. Уажәы уаҟа аамҭала ихыуп, аха уа ацхыраара лас амашьынагьы зықәсӡом. Аӡәы акы ааихьыргьы еикәшаны иаароуп, уи 20 километр амҩа ыҟоуп. Иахьа Мысра 60-ҩык рҟынӡа ҳанхоит, егьырҭ аԥсшьара мшқәа раан иаауеит. Шьҭа жәохә шықәса ҵуеит ацҳа ду ҳамамижьҭеи", - ҳәа еиҭеилҳәеит Ҷантуриаԥҳа.
Аҳаблаҿы зыргылара иаҿу аҩабатәи ацҳа атәы еиҭаҳәо Ҷантуриаԥҳа илҳәеит, уи амшын ахь игоу амҩаҿы ишыҟоу. Уахь аԥсшьарҭа ҩнқәа дыргылоит, аԥхын аамҭазы асасцәа анаауа азы ихәарҭоуп, иара ҵыԥх аӡы иагеит ҳәа лҳәеит Ҷантуриаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.