Аԥсны

Амилициа Аҟәа хаҵак аметадон имырхит

Иаанкылаз ахаҵа ихала имаз аопиоид амилициаа ириҭеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 29 – Sputnik. Аҟәа Ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа Самвел Погосиан (1985 шықәса рзы ииз) имырхит аметадон згәылаз лаҳәарак. Абри азы адырра ҟарҵеит Аԥсны ААР асаит аҿы.
Ахаҵа дааныркылеит уахынла. Иара ихала ириҭеит имаз аопиоид. Погосиан иганахьала ашьаус хацыркуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 223 ахәҭа 2 (Анаркотикатә хархәагақәа, апсихотроптә маҭәашьарқәа, ма урҭ раналогқәа изакәанымкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рыҟаҵара, аус реиҭадулара) инақәыршәаны.
Уажәы аӡбара иаҿуп аанкылашьас иҭатәу.