Ажьырныҳәа 28 рзы аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥысит Аԥсны жәлар рконгресс аизара ду. Уаҟа ирзааҭгылан хыԥхьаӡара рацәала атәыла аԥсҭазаара иахәҭаку азҵаарақәа: ақыҭа апроблема, Апарламент ахь алхрақәа, адемографиатә ҭагылазаашьа, ачымазараҿкы аларҵәара, ажәлар реидгылара уҳәа аконгресс аделегатцәа ззааҭгылаз рацәан. Аизара ду аҟны алахәылацәа рыбжьы арҭеит Аԥсны жәлар рконгресс аԥҟаԥҵәазы, убасгьы ирыдыркылеит апрограмма. Аконгресс ахантәаҩыс далхын Давид Ԥлиа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.