Аԥсны

Пицунда ахысраан ахәрақәа зауз атуристцәа аԥара рзыршәеит

Пицунда иҟалаз ахҭыс аилыргашьа Аԥсны анапхгара хылаԥшра анаҭон.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 29 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны аиҳабыра 2 млн мааҭк рзыршәеит Пицунда аԥсшьарҭа "Самшитовая роща" аҿы ахысраан ахәрақәа зауз атуристцәа, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭарҳәеит атуризм азы аминистрраҿы.
Уаанӡа Ростуризм анапхгаҩы Зарина Догузовеи Аԥсны атуризм азы аминистр Ҭеимураз Хышбеи алацәажәеит Аԥсны урыстәылаа ршәарҭадара азҵаарақәа. Лара игәалалыршәеит "Самшитовая роща" аҿы иҟалаз ахҭыс, иагьазгәалҭеит асасааирҭа анапхгара ахҭыс аҭышәныртәаларазы акгьы шыҟанамҵаз. Иара убас атуристцәа аԥара шрыҭамызгьы лҳәеит. Уи аҭакс Хышба иҳәеит ари ахҭыс атәыла анапхгара хылаԥшра шанаҭо, ахәрақәа зауз афинанстә цхыраара шроуа.
Аԥсны
Ростуризм аҳәара ҟанаҵеит Аԥсны амчрақәа атуристцәа ирыдҳәалоу ахҭысқәа хылаԥшра рырҭаларц
"Самшитовая роща" аҵакыраҿы ақьафурҭа "Аԥсны" аҟны рашәара 15, асааҭ 00:20 рзы Урыстәыла атәылауаа А. А. Филоиани Т. Н. Салимгариеви Лыхны инхо Дмитри Ԥлиеи ажәақәа еимаркын, Ԥлиа аԥсшьаҩцәа дреихсит. Ахәрақәа зауз Гагратәи ахәшәтәырҭахь инаргеит, анаҩс Урыстәылаҟа ииаргеит. Дмитри Ԥлиа иакәзар, иҭирҟьаз хык бырны иара иқәшәеит, иаргьы ахәышәтәырҭахь дыргеит. Ԥлиа иганахьала ашьаус хацыркын, хәышықәса аҭакра иқәырҵар ҟалоит.
Аԥсны Урыстәылаҟа аҳәара ҟанаҵеит Пицунда ирхәыз рганахьала аусҭҵаара мҩаԥнагарц