Аԥсны

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ашьапылампыл акоманда Шәача атурнир аҿы араӡны иаиааит

Шәачатәи ақалақьтә шьапылампылтә федерациа Аӡынтәи ахраҿазы афиналтә хәмарра мҩаԥысуан ажьырныҳәа 30 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ашьапылампыл азы акоманда Шәачатәи ақалақьтә шьапылампылтә федерациа Аӡынтәи ахраҿазы атурнир аҿы аҩбатәи аҭыԥ агеит, абри атәы аарыцҳауеит Facebook аҿы рдаҟьаҟны.
Аԥснытәи акоманда афинал аҿы ирыцхәмаруан ашьапылампылтә клуб "Аланиа". Ахәмарра хыркәшахеит 3:1 ҳәа "Аланиа" аиааирала.
Аҩбатәи атаим аан аԥсуа спорстменцәа рхыԥхьаӡара иагхеит, уи иахҟьаны ахәмарра рцәыуадаҩхеит.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ашьапылампыл азы акоманда азыҟарҵоит Максим Никитски, Алексеи Иваненко, Витали Федоренко.