"Аҟәа араион аҿы иҟоуп ашколқәа жәаба, аха аҵара зҵо ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара даара имаҷуп. Ари аҩыза ауадаҩра ыҟоижьҭеи даара акыр ҵуеит. Сгәаанагарала, раԥхьа иргыланы ари зыхҟьо араион аҿы ахәыҷбаҳча аҟамзаароуп. Ахәыҷқәа ашкол ахь ицаанӡа џьара акрылҵыр рҭахуп аҭаацәа. Анаҩс урҭ араион аҩнуҵҟа аусурҭатә ҭыԥқәа рыла еиқәыршәазҭгьы, аҭагылазаашьа еиҳа еиӷьхон. Алшара змоу аҭаацәарақәа ахәыҷқәа ақыҭа иавган ақалақьтә школқәа рахь иргоит. Акадрқәа разымхара азҵаарагьы ахьықәгылоу ашколқәагьы ыҟоуп. Ахәыҷқәа рмаҷхара азҵаара аӡбаразы хә-школ рҿы иахьауаз аҽазыҟаҵаратә классқәа ааҳарҭит, актәи акласс ахь ицо ахәыҷы иазыҟаҵаразы. 27-ҩык ахәыҷқәа ҟалеит. Иаҭаху ахарџь ахахьы иагеит араион ахадара. Иаҳҭахын Шыцкәарагьы ус еиԥш акласс аартра, аха арҵаҩы дахьҳмоуз иахҟьаны уи залмыршахеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Сарсаниаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.