Аԥсны

Аԥсуа боксиорцәа ахьтәы медалқәа хԥа ранашьахеит Урыстәыла иаарту аицлабра аҟны

Ессентуки имҩаԥысуаз аицлабрақәа ирылахәын 400-ҩык аспортсменцәа.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Бзыԥҭатәи аспортшкол ааӡамҭацәа ахьтәы медалқәа хԥеи араӡны медалки иаԥсахеит Ессентуки имҩаԥысуаз аицлабра аҟны, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти рзы аилак.

Актәи аҭыԥ ааныркылеит Дамир Хьециа, Алмаси Алиаси Ажьиаа, аҩбатәи Андреи Иобиӡе. Аспортсменцәа азыҟарҵоит Михаил Манукиани Геннади Оксаничи.

Зынӡа аицлабра иалахәын 400-ҩык абоксиорцәа. Аицлабра мҩаԥысуан Урыстәыла абокс аветеранцәа рыхьӡала ажьырныҳәа 26 инаркны 30 рҟынӡа.
Аԥсны
Аԥснытәи аспортсменцәа Ҟәыбан аԥхьахә ҭыԥқәа ааныркылеит