Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Қапба Џьырхәа ақыҭа ауадаҩрақәа ирызкны

Џьырхәа ақыҭа инхо Шьоҭа Қапба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иахьа ақыҭаҿы анхацәа ирымоу ауадаҩрақәеи изхыҽхәои ртәы.
Sputnik
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.