"Ҩышықәса раԥхьа, хатәгәаԥхарала ара еибашьуаз рыхьӡала иазгәаҳҭо аҳәынҭқарратә ныҳәаан, ҳҩызцәа Ҟабардантәи аибашьцәа ҳрыцны иазгәаҳҭон амшын аԥшаҳәаҟны. Усҟан даҳбеит акәымжәы, акаба ишәҵаны хаҵа ԥшӡак. Арахь аурысшәа издыруамызт, англызи, аҭырқәеи, аҟабардеи бызшәала дцәажәон. Ҳаибадырит. Иара Ҭыркәтәыла диит, аха акыршықәса Финлиандиа дынхоит, арахь дааит аԥсуа тәылауаҩшәҟәы иоурц. Аибашьраан Ҭырқәтәыла дыҟан, аԥсуаа адыгцәа иҟарҵоз усҟан ацхыраара иаргьы ихәҭаа алоуп. Аԥсуа –адыга қьабзқәа пату изрықәуп, бзиа ибоит", - иҳәеит Аџьынџьал.
Иара иажәақәа рыла, Хельсинки рхыԥхьаӡара рацәамкәа иҟоуп аԥсуааи адыгақәеи ирхылҵшьҭроу ауаа. Занааҭла исахьаҭыхҩу Исҳаҟ Ҟәышха Хельсинки 2021 шықәсазы еиҿикааз Аԥсуа центр аус аруразы иҭыхымҭақәа уаҟа иҭиуеит, иҳәеит Аџьынџьал.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.