Аԥсны

Аҟәатәи ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы акарантин аҿҳәара иацырҵар алшоит

Аҟәа акоронавирус змоу рхыԥхьаӡара иацлоит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Аҟәатәи ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы акарантин аҿҳәара инахоит акоронавирус змоу рхыԥхьаӡара иацлар ҳәа иҳәеит COVID-19 аԥырҟәҟәаразы аҳҭнықалақь аоперштаб аилатәараҿы Аҟәа ахада Беслан Ешба.

"Амчыбжь анҵәамҭаз ачымазара ишацлац иацлар акаратин иацаҳҵоит азеиԥшҵараиурҭақәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы", - иҳәеит аҳҭнықалақь аоперштаб аилатәараҿы Аҟәа ахада Беслан Ешба.

Иазгәаҭоуп омикрон-штамм, ОРВИ аҟазшьақәа змоу акыр аҽшарҭбааз.
Аоперштаб алахәылацәа ирҳәеит, хықәкы хаданы иҟоу акоронавирус алмарҵәара шакәу.
Аԥсны
Аҟәа асанитар-епидемиалогиатә маҵзура алабораториа акарантин ицеит
Аҟәа жәабран 4 рҟынӡа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи аркуп, ақалақь ахадара жәабран 6 рҟынӡа акарантин ахь иҟоуп.
Аҟәа ахадара агәабзиарахьчара Аусбарҭа аиҳабы лыдҵала аполиклиникақәа рҿы ашоура змоу рыда аӡәгьы дрыдыркылаӡом. Уи адагьы иаԥҵоуп COVID-19 аҟынтә иаку алаҵаҟаҵарҭатә ҭыԥ.
Аҟәатәи актәи аполиклиника аиҳабы Лиана Амԥарԥҳа илҳәеит, аусҳәарҭаҿы авирус змоуи иара ус ачымазцәеи реихшара шалшо, акабинетқәа еиуеиԥшым аихагылақәа рҿы ишыҟоу.
Аԥсны
Аҟәа иаадыртуеит COVID-19 аҟынтә алаҵаҟаҵаразы иаку аҭыԥ
Ақалақь асанитар ҳақьым хада Алла Белиаева адырра ҟалҵеит ажьырныҳәа 31 азы 1584 акоронавирус хҭыс шазгәаҭаз.
Аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи рыбжьарагьы ачымазара убарҭоуп ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи шаркугьы.
Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гәниа иҳәеит ичмазаҩу рхыԥхьаӡара ишацлазгьы ахәшәтәырҭахь инеиуа ишрыцым, ачымазара еиҳа имарианы иахьырхырго азы.
Беслан Ешба иҳәеит, асанмаҵзура аџьабаа шырацәоугьы иаалырҟьаны агәаҭарақәа ишрылагатәу адәқьан дуқәа, ақьафурҭақәа, акаҳуажәырҭақәа рҿы. Иара амедусзуҩцәа зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит хамегӡарала русуразы.
Аԥсны
Аҟәатәи аполиклиникақәа рҿы ауаа рыдкылара дырмаҷуеит