ДЖәР амчрақәа ирҳәеит лассы-лаас ишырҭаауа аҧырҩы дзықәтәам украинатәи аҳаирпланқәа

Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа еилаго Украина арратә мчрақәа рыр аиҳара Донецктәии Лугансктәии ареспубликақәа рҳәааҿ еизыркуеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 1 – Sputnik. Донецктәи ареспублика Жәлар рмилициа аусбарҭа Донбасс, аинырратә цәаҳәа ааигәара аҧырҩы дзықәтәам украинатәи аҳаирпланқәа рхыԥхьаӡара арацәахара атәы рҳәеит.

"ООС (еиду амчрақәа роперациа – аред.) анапхгара абас ала аҭаԥшыхәрақәа мҩаԥыргоит иҳаԥхьаӡоит. Дара ирусны иҟоу ацәҟьарақәа рышьақәыргылареи рҭархареи роуп", - ҳәа иҳәеит ДЖәР УНМ аофициал хаҭарнак, аполковник Едуард Басурин.

Аруаҩ иҳәеит, аԥшыхәреи арҭ рҩызцәа аппаратқәеи рхархәара аибашьра аанкыларазы аиқәшаҳаҭрақәа ирҿагылоит ҳәа. Уажәазы арегион аҿы аҭагылазаашьа акыр еибарххоуп, аԥхьаҟагьы аиҵахара алымшо иҟоуп.
Ареспубликақәа рхаҭарнакцәа ишырҳәо ала, аԥшыхәыҩцәа иаарыцҳауеит Украина ажәыларатә гәыԥқәа шазнархио.
Уаанӡа Урыстәыла ААР агәҭынчымра аанарԥшхьан украинатәи аган ахымҩаԥгашьазы. Аусбарҭа адыррала Мраҭашәара Киев ацхыраара анаҭоит, абџьар азаанашьҭуеит. Уи абџьар нас Донбасс ахархәара арҭоит. Урыстәыла ААР аминистр Сергеи Лавров ааигәатәи иинтервиу аҿы иҳәеит ЕАА украинатәи арежим Урыстәыла аҿагылараз ахы ианархәоит ҳәа.