"Аҷкәынцәа хыхь аус зуа адырра злаҟарҵаз ала асы бзианы илеиуеит, ихьанҭоуп. Хыџьара иҳамоуп аҭыԥқәа асыԥса ахьлеиуа, убарҭ даара ҳрыцәшәоит, азгәаҭарақәа ҳарҿуп, аха амҩа даҽа ҽнак иаркызаауеит. Егьыс атехника еиқәшәоуп, арыцқьара аганахьала хәыҷык аҽаанкылара ҟаҵоуп асыԥсақәа рымшала. Нас иҵегьы ҳшыҟало ҳбап. Риҵа иахьа ишьҭоу асы ҩ-метрак еиҳамзар еиҵаӡам. Ишдыру еиԥш, асы анлеиуа иҟоит, илаҟәуеит, аха Риҵа иахьаҵанакуа ҩ-метрак еиҵаӡам, Ауадҳара ҳабнахылаԥшыҩцәа иҟоу иаарыцҳаит асы х-метраки бжаки раҟара леихьеит ҳәа. Аиаша шәасҳәап, сара апарк аҟны аус зуеижьҭеи аашықәса ҵуеит, метрак аҟара леины иҟан Риҵа хәбаҟа шықәса раԥхьа, егьыс инеиԥынкыланы мчыбжьык аҟара асы леиуа исымбацызт уа. Аусуцәа анкьа х-метрак рҟынӡа леихьан рҳәоит, аха ас асы ӷәӷәаны ирымбеижьҭеи иҟоу ажәытә усуцәагьы акрааҵуеит, аибашьара ҟалаанӡа аԥхьагьы иҟамызт", - иҳәеит Џьергениа.
Иара иҳәеит, Риҵа Амилаҭтә ҳәырԥсарраҟны аус зуа асықәныҟәагақәа рыла еиҭанаиааиуеит ҳәа.
Шәазыӡырҩы аудио.