Ермантәыла ахада Армен Саркисиан инапынҵақәа аанижьит

Алхра ҿыцқәа рҟынӡа атәыла ахада инапынҵақәа неигӡалоит Апарламент аиҳабы Ален Симониан.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 1 – Sputnik. Ермантәыла иреиҳаӡоу азакәанԥҵаратә Усбараҭа ҷыдала атәыла ахада Армен Саркисиан изинмчра аанакылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Амилаҭтә еизара асаит адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Ареспублика ахада ԥхьатәара дышцо азы адырра ҟаҵан 2022 шықәса ажьырныҳәа 23 азы.
Саркисиан уаанӡа иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы иазгәеиҭеит, Ермантәыла ахада имаҵура шаанижьуа аҩнуҵҟатәии адәныҟатәии аполитика анырра аҭаразы лшара ҳәа акгьы ахьимам азы. Ермантәыла азакәанқәа инарықәыршәаны ахада аԥхьатәара ицаразы аӡбра рыдыркылоит бжьымш рыҩнуҵҟа. Мчыбжьык аҩнуҵҟа адокумент шьҭахьҟа идмыргьыжьыр анапы аҵаҩхоит.
Саркисиан Ермантәыла ахадас далхын хәажәкыра 2 2018 шықәсазы. Ермантәыла азакәанқәа рыла ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит ҷыдалатәи алаҳәара ашьҭахь 25 мшы еиҵамкәа 35 мшы иацымкәа. Абри аамҭазы иара инапынҵақәа неигӡоит Апарламент аиҳабы.
Ермантәыла аконституциа инақәыршәаны ахада далнахуеит Амилаҭтә еизара быжь-шықәса ҿҳәарас иаҭаны. Убри аан хаҿык ҩынтә еиқәырццакны иалхра ҟалом. Акандидат иқәыргыларазы Жәлар Реизара алахәылацәа аԥшьбатәи рыхәҭа рыбжьы аҭахуп.