Арадио

Кәыҵниаԥҳа еиҭалҳәеит акарантин аамҭазы лҵаҩцәеи лареи ишеимадоу атәы

Аҟәатәи ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы акарантин аҿҳәара инахоит COVID-19 змоу рхыԥхьаӡара иацлар ҳәа иҳәеит аҳҭнықалақь аоперштаб аилатәараҿы Аҟәа ахада Беслан Ешба. Арҵаҩы Розетта Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит, ахәыҷқәеи дареи ишеимадоу атәы.
Sputnik
Аҟәа жәабран 4 рҟынӡа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи аркуп, ақалақь ахадара жәабран 6 рҟынӡа акарантин ахь иҟоуп.
"Акарантин анҳаларҳәа ашкол ахадара адҵа ҳарҭеит доусы амаҭәарқәа зҭиуа классцыԥхьаӡа адҵа раҳҭаларцаз. Арҵаҩцәа рхәыҷқәеи дареи рыбжьара еиҿыркааит агәыԥқәа, уаҟа дара ирырҭоит адҵақәа, азҵаарақәа рымазар иаҳзасуеит, мамзарагьы ртетрадқәа рҿы ианырҵоит, нас ҳанҭыҵлакгьы еизганы игәаҳҭоит. Аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи еимадоуп ҭелла. Зум ала аимадара ҳзыҟаҵаӡом, избанзар алашарала ҳҽеим. Атехникатә маругақәагьы арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рыбжьара измам дыҟоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Кәыҵниаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.