Арадио

Џьопуа: ахәшәтәырҭахь иаҳго рхыԥхьаӡара иаҳа имаҷхеит, аҩны ишьҭо - рацәаҩхеит

Аҳҭнықалақь ацхыраара лас аҳақьым хада Аслан Џьопуа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны омикрон-штамм алаҵәара анамоу аамҭазы аҿкы чымазаразы аҭагылаазаашьа аҽшеиҭанакыз атәы.
Sputnik
"Макьана иазгәаҳҭо убри ауп, ари ирласны иаҳа ауаа ирылсуеит, иаҳа ирласны иркуеит, иаҳа ирласны ирхыргоит. Ахәшәтәырҭахь иаҳго рхыԥхьаӡара иаҳа имаҷхеит, аҩны ишьҭоу иаҳа ирацәахеит. Иуҳәар ҟалоит аҿкы хәыҷык аҽырԥсыҽит ҳәа, аха макьна еилгоит ҳәа аҳәара азин ҳамаӡам. Анаҩс ахы шымҩаԥнаго ҳаздырӡом, хәшәыс иҟоу алаҵоуп. Алаҵа иаанымкылаӡакәа иҟарҵалароуп", - ҳәа иҳәеит Џьопуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.