Аԥсны

Питертәи автобусқәа иҭынхадоу Аԥснытәи алақәа рсахьақәа рынҵаны иныҟәоит

Гәдоуҭатәи аволонтиорцәа ииасыз ашықәс азы ирылшеит 90 ԥстәы рҟынӡа аҭыԥ рзыԥшаара, абри акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik, Бадри Есиава. Санкт-Петербург Аԥснытәи иҭынхадоу алақәа рсахьа зну жә-автобуск ақалақь аҟны иныҟәоит ҳәа Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит аԥстәқәа рыхьчаҩ Мака Ԥлиаԥҳа.
Лара илҳәеит, ари аӡыргара зызцәырҵыз лара илдыруа питертәи аволонтиор шлакәу. Абас ицәырҵит Instagram-даҟьа Dogs Abkhazia, Ԥлиаԥҳа имҩаԥылго.
Питертәи аԥстәыхьчаҩцәа апроект анагӡаразы ахарџьқәа рхахьы иргеит. Ԥлиаԥҳа лажәақәа рыла, раԥхьаӡа акәны ари аҩыза апроект Петербург имҩаԥган ҵыԥх. Уи иалнаршеит лаккаунт анапаҵаҩцәа реизырҳара.

"Уажәы, аҽазныкгьы сҩыза илоуит алшара ҳацхрааразы, хаҭала Иустас захьӡу ала. Ала абӷанервтә чмазара амоуп", - еиҭалҳәоит Ԥлиаԥҳа.

Афотоқәа ирыҵаҩуп "ани аҩни рыԥшаара сашьҭоуп", "уҩыза аҩныҟа ига аԥхьарҭаҟынтә", иарбоуп аҭелқәа аволонтиорцәа узларзасша. Апроект хықәкыс иамоуп алақәа аԥсҭазаара ҿыц рыҭара ауаа раныршәара.
Гәдоуҭатәи аволонтиорцәа ииасыз ашықәс азы ирылшеит 90 ԥстәы рҟынӡа аҭыԥ рзыԥшаара, абри акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Общественный транспорт
Уи адагьы урыстәылатәи амеценат Максим Арцинович гәдоуҭатәи аԥстәыхьчаҩцәа аҩны рзааихәеит алақәа аамҭала раанкыларҭазы.
"Арцинович ихатә ԥарақәа ҳзааиҭиит, асоциалтә ҳақәа рыцхыраарала иҩызцәа рыбжьарагьы аԥара ҳзеизигеит. Арҭ аԥарақәеи Гәдоуҭа ахадара иаҳнаҭаз аԥарақәеи еицҵаны, зегь ҳаицхырааны аҩны аахәара ҳалшеит", - ҳәа лҳәеит Ԥлиаԥҳа.
Гәдоуҭа аамҭала аԥстәқәа рыхкыдкыларҭа ҩны аҟазаара аволантиорцәа рус армариеит. Уаанӡа ахатә хкыдкыларҭақәа ирзыршәоз аԥарақәа ахархәаразы ирзынхеит.
Арадио
Колпакчан иҭынхадоу алақәа рзы: аԥшәмацәа азҵаара ҭакԥхықәрала иазнеир, иаҳа имаҷхоит