Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҷкотуаԥҳа Гәылрыԥшь ахәыҷбаҳчақәа раркра иазкны

Гәылрыԥшь араион аҿы иҟоу ахәыҷбаҳча "Алакә" аиҳабы Лиудмила Ҷкотуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы илҳәеит араион аҿы аепидҭагылазаашьа иахҟьаны ахәыҷбаҳчақәа акарантин ахь ишышьҭу.
Sputnik
"Иахьала ахәыҷбаҳча аус ауӡом. Ажьырныҳәа 28 аахыс акарантин ахь ҳаҟоуп. Ахәыҷқәагьы ааӡаҩцәагьы ныҟәаӡом. Акарантин ахь ҳзырышьҭызгьы аҿкчымазара иахҟьаноуп. Ари амчыбжь зегьы аҩны ҳаҟоуп, нас шаҟаҩы чмазаҩу еилаҳкаап, иҭаҳҵаап. Ҳгәы иҭоуп жәабран 7 рзы ахәыҷбаҳча аартра. Иахьала амедиаҳәшьа дычмазаҩуп, ааӡаҩ аӡәы, нас уи лыцхырааҩи", - ҳәа адырра ҟалҵеит Ҷкотуаԥҳа.
Ахәыҷбаҳча аиҳабы илҳәеит афымцалашаразы ауадаҩрақәа шрымам. Ахәыҷбаҳча ԥхоуп, ҳәа азгәалҭеит лара.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.