Аԥсны

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра Аҿар рхеилак еиҿнакааит

Абас ала, аусбарҭаҿ ирҭахуп аҿар ирласны аколлектив иалашьцылар.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 2 - Sputnik. Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра Аҿар рхеилак еиҿнакааит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асаит. Хықәкыс иамоуп аҿар ирласны аколлектив раларшьцылара, арҿиаратәи асоциалтәи усура активла ралархәра, рзанааҭдырратә ҩаӡара ашьҭыхра, амаҵзура атрадициақәа ирықәыршәаны аҟазауаа ҿарацәа рааӡара.
Ахеилак аусура х-хырхарҭа хадак рыла имҩаԥыслоит:
Аинформациа-методикатә – аҟазауаа ҿарацәа рыԥшаара, урҭ рҟазадырра ацҵара, рзанааҭтә дырра, рԥышәа аизырҳара;
Асоциалтә – аграждантә позициа активла аарԥшра аҽазышәара, ауаажәларратә ҿиара алагала азыҟаҵара;
Акультура-спорттә – амаҵзуратә напынҵақәа рынагӡара инахырҳәҳәаны аҿар реинырразы ауснагӡатәқәа реиҿкаара.
Ахеилак аҳәаақәа ирҭагӡаны аминистрра иазԥхьагәанаҭоит:
Аҿар рзы атематикатә еиԥыларақәа реиҿкаара;
Ашәахтә усбарҭақәа русура аиҿкаареи ашәахтә шәарақәа рнапхгараҭара аизырҳареи рзы азгәаҭақәеи ажәалагалақәеи разырхиара;
Аусбарҭа аусуцәа ҿарацәа аус раршьцылара, рҟазара аҩаӡара ашьҭыхра;
Ашәахтә усбарҭақәеи аҵаратә усҳәарҭақәеи рҿы социалла иактиву аҿар ралԥшаара;
Аусбарҭабжьаратәии жәларбжьаратәии аҩаӡараҿы аҿартә еиҿкаарақәа реинырра аиҿкаара;
Асоциалтә уснагӡатәқәа реиҿкаара (азеиԥштә еилыргарақәа - асубботникқәа, агәыҳалалратә усура уҳәа егь.);
Атәылауаа ашәахтә закәанԥҵареи егьырҭ анорматив-зинтә актқәеи рызҵаарақәа дырдырра, ашәахтә аусхк аҟны алагала ҿыцқәа ауааԥсыра дырдырра;
Аусуцәа ҿарацәа аграждантә, апатриоттә ааӡара рыҭара, абиԥарақәа реимадара аиқәырхара;
Акультура-гәмырҿыӷьратә, аспорттә уснагӡатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи;
Аҟазауаа қәыԥшцәа реинырра арҭбаара, командала аусушьа дырҵара.
Ахеилак 18-ҩык алахәуп аминистра Аппарат хада аҟынтәи. Хантәаҩыс далхуп – Гьаргь Кәакәасқьыр. Иазԥхьагәаҭоуп араионқәа иҟоу ашәахтә усбарҭақәа рҟынтәи аусуҩцәа Ахеилак радԥхьалара.