"Сталинградтәи аибашьра аҵакы дууп, избанзар уи шхыркәшахоз ала аибашьра ду алҵшәагьы еилкаахон. Сталинград агара астратегиатә ҵакы аман, Кавказ аладахь анефт ахьыҟаз аҭыԥқәа аман. Сталинград аибашьра анцоз Кавказ агаразгьы ажәыларақәа цон, афронт амҽхак даара иҭбаан. Убри аан Ҭырқәтәылагьы ԥшын, Сталинград аибашьра шеилго ҳәа, асоветтә архәҭа аҵахазҭгьы, аибашьра иалалар ауан", - ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.