Аԥсны

Гагра араион ААРи ашьаусԥшаара аҟәшеи реиҳабацәа рхаҭыԥуаа аҭоуп

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба аҩнуҵҟатәи аусқәа Гагратәи рыҟәшаҿы аилацәажәара мҩаԥигеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 2 - Sputnik. Гагра араион ААР (Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа) аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡои Гагра араион ААР ашьаусԥшаара аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡои аҭоуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.
Аминистр идҵала иаҭоуп:
Гагра араион ААР аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩс, акриминалтә милициа аиҳабыс дҟаҵоуп - амилициа амаиор Дмитри Ажьиба,
Гагра араион ААР аиҳабы ихаҭыԥуаҩ и.н., ауаажәларратә шәарҭадара амилициа аиҳабыс дҟаҵоуп - аподполковник Ҭемыр Бганба,
Гагра араион ААР ашьаусԥшаара аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа наигӡалоит - амилициа амаиор Беслан Аиба.
Аԥсны ААР ахада гагратәи амилициа аусзуҩцәа рҿаԥхьа идҵа хаданы иқәиргылеит аоператив-ԥшааратә усура арӷәӷәара уаанӡа имҩаԥгаз ацәгьоурақәа раарԥшра алыршаразы.