АҞӘА, жәабран 2 – Sputnik. Амшын амҩа аҽазааигәанатәит, иҵнаӡәӡәаар алшоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Артимон Габелаиа.
Габелаиа иҳәеит ари апроблема ҿыцны ишцәырымҵыз, амшынцәқәырԥақәа акыршықәса адгьыл шықәрыӡәӡәаауаз. Уажәазы арӷәӷәаратә усурақәа мҩаԥгамхар, амҩа абгара иалагар ауеит.
"Амшын аҟәара ықәыӡәӡәааны амҩа ишазааигәахазгьы, макьаназ уныҟәартә иҟоуп. Аха амшцәгьаан уигьы шәарҭахоит. Апроблема иахьа ицәырымҵит, акыр ҵуеит ицәырҵижьҭеи", - ҳәа иҳәеит араион ахада и.н.
Автомашьынатә мҩа адагьы, апроблема ааигәа игылоу ашколгьы аҵанакуеит. Ашәарҭара иҭагылоуп ақалақь агәы иаҵанакуа аҟәара ахәҭеи акоттеџьтә комплекс "Тамшь Village"-и.
Амшын аҟәара инарҭбааны арӷәӷәара араион амчқәа азхом.
"Шықәсқәак раԥхьа аусурақәа рхарџьынҵа шьақәырӷәӷәан, аха еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирхырҟьаны адамбақәа ҟаҵамкәа инхеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Артимон Габелаиа иажәақәа рыла, амҩа аиқәырхара азҵаара аӡбара алшоит аҳәынҭбиуџьет ма Аинвестициатә программа ацхыраарала.