Аԥсны

Риҵатәи апарк даҽа ҩымш иаркызаауеит

Амилаҭтә парк аҵакыраҿы асы азеиԥш ҿыгҳара 2,5 метра иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 2 - Sputnik. Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк жәабран 2-3 рзы иаркызаауеит. Абри атәы аанацҳауеит апарк Instagram аҿтәи адаҟьа.
Аҳауа +10 С иԥхаррахап ҳәа иҟоуп азыԥхьагәаҭара, уи асыԥсалеира, ахаҳәлеира, аҵааԥсасира ахҟьоит.
Апарк аркуп ажьырныҳәа 31 раахыс асыԥсалеираз ашәарҭара иахҟьаны.