Аԥсны

РУСДРАМ хә-спектакльк ддырбараны иҟоуп Москва

Агастрольқәа мҩаԥгахоит Атеатралтә центр "На Страстном" асценаҟны, иара акультуратә хәышҭаара 40 шықәса ахыҵра иадҳәалоуп.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 2 – Sputnik. Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр хә-спектакльк ддырбараны иҟоуп Москва ҳәа аанацҳауеит атеатр асаит.
Агастрольқәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 9 инаркны 12 рҟынӡа, атеатр 40 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз. Атеатртә центр "На Страстном" асценаҟны иқәыргылахоит хә-спектакльк:
Хәажәкыра 9 асааҭ 19:00 рзы - "Не обо мне" (Маиа Тульчинскаиа лпиесала),
Хәажәкыра 10 асааҭ 19:00 рзы - "Кьоџьаа рҭыӡшәа" (Карло Гольдони иҩымҭала),
Хәажәкыра 11 асааҭ 19:00 рзы - "Игрок" (Ф.Достаевски ироман ала),
Хәажәкыра 12 асааҭ 20:00 рзы - "Радость вопреки всему" (Федерико Гариса Лорка иажәеинраалақәеи итекстқәеи рыла).
Хәажәкыра 12 асааҭ 20:00 рзы - "Радость вопреки всему" (Федерико Гарсиа Лорка иажәеинраалақәеи итекстқәеи рыла).
Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аусура еиҭахацыркын ажьырныҳәа 26 рзы, бжьымз инарзынаԥшуа аус руамызт аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны.
Аԥсны
РУСДРАМ жәабранмзатәи афиша цәырнагеит