Ҭырқәтәыла Амшын еиқәаҿы иҭоу агаз иара афымцамч системахь инанашьҭырц агәы иҭоуп

Sputnik
АҞӘА, жәабран 2 – Sputnik. Ҭырқәтәыла Амшын еиқәаҿы иҭоу агаз иара афымцамч системахь инанашьҭырц агәы иҭоуп 2023 шықәса рзы, абри азы адырра ҟаиҵеит Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таиип Ердоган ҳәа аанацҳауеит Sputnik Ҭырқәтәыла.
Ҭырқәтәыла Амшын еиқәаҿы агаз ахыҵхырҭа ҿыц аԥшааит
Уаанӡа афымцамчи аԥсабаратә хархәагақәеи рминистр Фатих Донмез аҳәамҭа ҟаиҵахьан Ҭырқәтәыла Амшын еиқәаҿы агаз аԥшаареи аҭыгареи ирызку апрограмма ҿыц шеиқәнаршәо, Анкара еиҳа аԥыжәара шрынаҭало зыҿҳәара кьаҿуи ибжьаратәу аҿҳәарақәа змои аилаӡарақәа, азыҳәареи адгалареи рбаланс еиларымгарц азы.
"Анцәа иҳәозар, 2023 шықәса рзы Амшын еиқәа иҭоу агаз ҳара ҳфымцамч системахь инаҳашьҭуеит", - иҳәеит Ердоган, аҭыԥантәи рканалқәа иҳәамҭа аныддырбоз.
Уаанӡа Ердоган аҳәамҭа ҟаиҵахьан Ҭырқәтәыла агәы ишҭоу уахыки-ҽнаки рыла 40 миллион кубометр агаз Амшын еиқәа аҭыгара.