АҞӘА, жәабран 3 - Sputnik. "Омикрон" ахкқәа иреиуоу ВА.2 Урыстәыла иаарԥшуп ҳәа аҩуеит РИА Новости, Роспотребнадзор аиҳабы Анна Попова лажәақәа шьаҭас иганы.
"ВА.2 иаҵанакуа ахҭысқәа Москвеи, ареспублика Мари Ели, Ростовтәи аобласти, ареспублика Башкортостани иазгәаҭоуп", - лҳәеит Попова.
Лара лажәақәа рыла, ахкы BA.3 макьаназ Урыстәыла аҵакырахь иқәнамгалацт.
Омикрон-штамм Африка атәылақәа рҿы иазгәаҭан, Агәабзиарахьчараз адунеизегьтә еиҿкаара адыррала ишоит ахкыхәҭақәа: BA.1, BA.1.1, BA.2, BA.3 ҳәа.
Уажәазы "омикрон" ахкы BA.2 57 тәыла рҿы ашьҭамҭа рбахьеит.
Уаанӡа даниатәи аҵарауаа адырра ҟарҵахьан ахкы ВА.2 аштамм ВА.1 аасҭа алаҵәара алшоит ҳәа. Аҟазауаа ишырҳәо ала, "омикрон" BA.2 зцәа иалоу иҭаацәа аҿкы рылаиҵоит 39% рҟынӡа, аԥхьанатәи аштамм аан уи 29% акәын иҟаз.
Аҵарауаа ирҳәоит алаҵа ачымазара алаҵәара ланарҟәуеит ҳәа. Аинститут иазгәанаҭоит аҭҵаарақәа макьана агәаҭарақәа зегьы ишырхымсыц.