АҞӘА, жәабран 3 – Sputnik. Адгьылҳәазара иахҟьаны аԥхасҭа ахьыҟалаз Аҟәатәи ашьхарахь ухазгало амҩа аиҭашьақәыргыларазы хымԥада иаҭахуп агеологиатә ҭҵаара, ишьақәыргылатәуп апроект харџьнҵатә шәҟәқәа. Абри атәы Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь "Ақалақьргылара" аусбарҭа аиҳабы Асҭамыр Ԥиԥиа.
Ԥиԥиа инаҵшьны иазгәеиҭеит, ари аҭыԥ ауадаҩрақәа злацу ала аҳәара шыуадаҩ ианышьақәыргылахо аамҭа.
"Уажәы ихымԥадатәиу ашәҟәқәа реиқәыршәара ҳаҿуп, имҩаԥгатәуп агеологиатә ҭҵаарақәа. Анаҩс анџьнырцәа аусура иалагароуп, урҭ рылкаақәа рнаҩс аҟазацәа ишьақәдыргылоит апроект харџьнҵатә шәҟәқәа", - ҳәа иҳәеит Ԥиԥиа.
Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба аныпынҵа риҭеит адгьыл ахьҳәазаз иҟоу ауадаҩрақәа аԥырырхырц. Аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Автондил Сурманиӡе Sputnik аҟны ишазгәеиҭаз ала, амҩаду рацәак ааха амаиуит. Уажәазы амашьына анысратә иҟоуп.
Аҟәатәи ашьхарахь ухазгало амҩаду аҟны адгьыл ҳәазеит ажьырныҳәа 31 азы, уи иахҟьаны 30 метра амҩа ҿабгеит.