"Ачымазара ҿкы зхызгаз ачымазаҩцәа ргәабзиара шьақәдыргылоит ареспубликатә хәшәтәырҭа атерапиа аҟәшаҿы. Аха азҵаара макьана иаартны иаанхоит.
Иаҳҭахуп амаругақәа ачымазаҩцәа аус зларыдаҳулаша. Абжеиҳан ачымазаҩцәа рхаҭақәа аауеит ргәабзиара иаргәамҵуеит аҟнытә, иҟоуп аковид-госпитальқәа рҟнытә иаарышьҭуагьы. Еиҳарак ус еиԥш ачымазаҩцәа аҳауа рызхаӡом, ршоура тәаӡом, рҷаҷақәа ауадаҩрақәа рымоуп, згәы аӡы амоу, зырԥҳа аӡы амоу, ашьақар чымазара зызцәырҵыз уҳәа ирызцәырнаго ачымазарақәа рацәоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Арҷелиаԥҳа.
Аҳақьым лабжьгарақәа рыла, аҿкы зхызгахьоу ачымазаҩцәа ахьҭа рыларымҵароуп. Аҳақьым иҟаҵатәуп ҳәа ззиҳәаз анализқәа ианаамҭоу иарҭалароуп, ауаа аинфарктқәеи аинсультқәеи рыхьыр алшоит, рхы анаҩс иахыламԥшыр, ҳәа азгәалҭеит Арҷелиаԥҳа.
"Иаарласны агәабзиара ашьақәыргыларатә центр еиҿкаатәуп. Аковид ицәырнагеит егьырҭ ачымазарақәа, урҭ зыхәшәтәуа амаругақәа аҭахуп. Ҳгәы иҭоуп урҭ раахәара, азҵаара нап аркуп. Хара иугар ҟалаӡом ари азҵаара, избанзар ауаҩы ишьапы дықәыргылатәуп. Ачымазара зхызгаз, имч ҭаӡам, аус изуӡом, убри аҟынтә ирласны ицхраатәуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Арҷелиаԥҳа
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.