Поклонскаиа Россотрудничество аҿы иҟалҵаша далацәажәеит

Ҟрым уаанӡатәи апрокурор, Аҳәынҭдума уаанӡатәи адепутат Наталиа Поклонскаиа хаҭалатәи лҭагылазаашьақәа рҽырԥсахит аҟнытә лнапынҵақәа рынагӡаразы Кабо-Верде дымцаӡеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 3 - Sputnik. Наталья Поклонскаиа Россотрудничество аҿы аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа рзинқәа рыхьчара аус шадылуылало атәы лҳәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Россотрудничество аҿы анапхгара сҿаԥхьа иқәдыргыло аусқәа мҩаԥызгалоит, иара убасгьы аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа рзинқәа рыхьчара аус адызуылалоит", - лҳәеит Поклонскаиа.

Урыстәыла ахада Владимир Путин иусԥҟала Россотрудничество ахада ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп Наталиа Поклонскаиа. Абри азы адырра ҟаҵан азинтә информациа ҷыдалатәи аинтернет-портал аҿы.
Иара убас, Путин Поклонскаиа Кабо-Верде цҳаражәҳәаҩыс дахьыҟаз аҟынтәи лхы дақәиҭитәит.
Жьҭаара 13 2021 шықәсазы Наталиа Поклонскаиа Кабо-Верде иҟоу азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩс дҟаҵан. Ажьырныҳәа 19 2022 шықәсазы Наталиа Поклонскаиа хаҭалатәи лҭагылазаашьақәа рҽыԥсахра инамаданы лнапынҵақәа рынагӡаразы Кабо-Верде дымцаӡеит.
Наталиа Поклонскаиа Россотрудничество ахада ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп