Аԥсны

Аҟәа ахатәыҩны амца акит

Жәабранмза иалагазар ари аҩбатәи хҭысуп.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 4 – Sputnik. Аҟәа, Семерџьиев имҩаҿы ҩбаны еихагылоу аҩны амца акит ахәаша, жәабран 4 азы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.

Амцакра ҟалеит ҳәа АҶА аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра ҟаҵан асааҭ 09:57 азы. Абылра ахьыҟалаз аҭыԥахь инеиит амцарцәаратә ҟәшақәа ҩбеи аиқәырхаратә хәҭеи.

Амцарцәаҩцәа аннеи аҩбатәи аихагыла алҩа ҩначын, уи аҭагылазаашьа шаруадаҩуазгьы амца арцәара рылшеит. Ауааԥсыра ԥырхага рмоуит.