Аԥсны

Аӡбарҭа Баграт Сурмаа иганахьала азыӡба аԥсахит

Баграт Сурмаа ԥхынҷкәын 21 азы Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рҿаԥхьа имҩаԥысыз ззин рыҭамыз амитинг далахәын ҳәа ахара ихарарҵоит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik. Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшаратә коллегиа жәабран хԥа азы Баграт Сурмаа иганахьала азыӡба аднакылеит мызки хымши аҩнытә баандаҩра иқәҵазарц, абри атәы аанацҳауеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа асаит.
Аԥсны
Амитинг алахәыла Баграт Сурмаа ибаандаҩра аҿҳәара иацҵоуп
Абри ала, Ахашшаратә коллегиа азыӡбала ажьырныҳәа 13 2022 шықәсазы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Сурмаа жәабран 22 2022 шықәсанӡа дҭакызарц ҳәа иаднакылаз аӡбамҭа аԥыххеит.
Аҩнытә баандаҩра иазгәанаҭоит азакәан иарбоу аԥкрақәа зегьы, амедусҳәарҭақәа рҭаара ада.
Баграт Сурмаа ахара идуп ҳәа иԥхьаӡаӡам, ахара ихароуп ҳәа аӡбамҭа аӡбра аднамкылакәа, уи азакәанмчра анаиулак ашьҭахь.