Аԥсны

Аҩнытә баандаҩра зықәҵоу Рамаз Џьопуа аӡбарҭа аԥкрақәа жәпакы ихнахит

Џьопуа, ԥхынҷкәын 21 2021 шықәсазы Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рҿаԥхьа имҩаԥысыз аҿагыларатә акциа далахәын ҳәа ахара идырҵоит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбамҭала аԥкрақәа жәпакы ихыхуп аҩнытә баандаҩра зықәҵоу Рамаз Џьопуа, абри атәы аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.

Аӡбамҭа инақәыршәаны, Џьопуа Ареспубликатә наркодиспансери, Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәшәтәырҭеи, иара убас Аԥсны алхратә комиссиа хадахьы анеиразы азин имоуп.

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ажьырныҳәа 11 азтәи аӡбамҭала, ԥхынҷкәын 21 2021 шықәсазы Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рҿаԥхьа имҩаԥысыз аҿагыларатә акциа далахәын ҳәа ахара зыдҵоу Рамаз Џьопуа аҩнытә баандаҩра иқәҵоуп хәажәкыра 11 2022 шықәсанӡа.
Рамаз Џьопуа хәажәкыра 12 2022 шықәсазы имҩаԥысраны иҟоу Жәлар Реизарахь акандидат ҳәа дҭанаҩит аԥшьгаратә гәыԥ.