Аԥсны

Астанциаеиҵа "Тҟәарчал ГРЕС" амашәыр ашьҭахь ишьақәыргылоуп

Жәабран 3 ауха аахыс Тҟәарчали Тҟәарчал араион ахәҭеи лашарада иҟан.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 4- Sputnik. Астанциаеиҵа "Тҟәарчал ГРЕС" амашәыр ашьҭахь ишьақәыргылоуп, уажәтәи аамҭазы ари аҟынтәи афымца зауаз зегьы лашарала еиқәшәоуп.
Астанциаеиҵа "Тҟәарчал ГРЕС" амашәыр ашьҭахь ицәеит жәабран 3 азы, аиҩкаақәа руак аусура еиԥҟьеит.
"Амшынеиқәафымцамч" иазгәанаҭеит амаругақәа ааха ӷәӷәа шроуз.
Жәабран 4 ашьыбжьон, араион ахәҭак иҷыдоу аҭагылазаашьа ахсаалала афымцалашара рыҭан.