АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik. Краснодартәи аҳазалхыҩцәа иааныркылеит Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаргоз 800 ҭоԥ аҭыҭын аҭыԥынтәи акциз дырга зқәыз, абри атәы аалцҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәача ақалақь аҿтәи апресс-маӡаныҟәгаҩ.
Автомашьына VOLVO S40, Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ицоз аҳәааҟны агәаҭарақәа ианахысоз амашьына аԥсҟы зкыз ихымҩаԥгашьа гәаҩарас икны амашьына ахылаԥшра гәаҭаратә комплекс иахрыжьит.
Уи иабзоураны аҳазалхыҩцәа ирыԥшааит шәкыла асигареҭ ҭоԥ хкқәа.
Иааизакны аҳазалхыҩцәа амашьына арныҟәцаҩ имырхит 828 ҭоԥ асигареҭ (16 560 цыра). Иара иажәақәа рыла, аҭыҭынаалыҵ Урыстәылаҟа ииеигон абжьахәаахәҭразы.
Автомашьынеи закәаншьаҭадатәи атауари имхны, аҭыҭынаалыҵ ақәырԥшыга аҭҵаарахьы идәықәҵоуп.
Иара убас, азакәанеилагаҩ иганахь ала административтә ус хацыркуп.