"Аԥсны зегь реиҳа акьыба аганахьала иуԥылоит, аҳәса рҿы амаммологиатә кьыбатә чымазара, ахацәа рҿы арԥҳа чымазара. 50% инареиҳаны ауааԥсыра акьыба чымазара аԥшьбатәи аҩаӡараҿы ишьақәҳаргылоит. Ари даара ирацәоуп. Уи зыхҟьогьы ауааԥсыра ианаамҭоу аҳақьым иахь иахьымнеиуа ауп. Ак рыхьуа ианалагалак ауп ахәшәтәырҭахь ианнеиуа. Дара аҽгәаҭаратә хәаԥшрақәа мҩаԥыргаӡом. Актәи, аҩбатәи аҩаӡараҿ ачымазара аныԥшаахалак ауаҩы аҽыхәшәтәразы иаҳа алшара имоуп. Ахԥатәи аԥшьабатәи аҿы - ҳалшарақәа даара имаҷуп. Ари ачымазара ауаҩы ицәа ишалоу анеиликаауа аамҭазы шьҭа аамҭа анцалак ауп, убри аҟнытә ихадароуп заатәи аҽгәаҭарақәа, апрофилактика ҳасабала аҳақьым иахь иныҟәалатәуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Кәарҷиаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.