"Омикрон" иаҵоу даҽа шәарҭаракгьы аӡбахә рҳәеит

Иахьа уажәраанӡагьы акоронавирус аҟынтә реиҳа узыхьчо ҳәа иҟоу лаҵоуп.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik. Акоронавирустә инфекциа зхызгаз ауаа омикрон-штамм 45 мшы рышьҭахь еиҭашьҭыркаар ауеит. Абри атәы радио Minnesota Public аефир аҿы еиҭалҳәеит аклиника Mayo аҿы COVID-19 аҟынтә алаҵа азҵаарақәа рзы америкатәи аексперт Мелани Свифт.
Урыстәыла иаарԥшуп "омикрон" ахкқәа иреиуоу ВА.2
"Ҳара ҳахьынӡашьклаԥшхьоу ала, COVID-19 ашьҭахь аԥхьатәи афымчыбжьа рыҩнуҵҟа шамахамзар уеиҭачмазаҩхом. Бжьаратәла мызки бжаки рыҩнуҵҟа ушәарҭам", - ҳәа лҳәеит лара.
Аексперт иазгәалҭеит уаанӡа COVID-19 зыхьыз хымзрыҩнуҵҟа дыхьчоуп ҳәа шыԥхьаӡаз.
Аха омикрон-штамм анцәырҵ ашьҭахь 90 мшы раԥхьагьы ачымазара еиҭацәырҵуа иалагеит.
Иара убасгьы, Свифт илҳәеит хымз рышьҭахь аиҭаҿкра аиура аштамм иаҿмырԥшкәагьы ишшәарҭоу.
Урыстәыла ачымазцәа ирныруа ауаа акарантин рхырхуеит