Калдахәаратәи ашкол-интернат аҿы 129-ҩык ахәыҷқәа аҵара рҵоит. Уажәы дара зегьы аҩны иҟоуп, аинтернат аркуп аамҭала.
"Ахәыҷқәа ашәахьа инаркны иоуҳмыжьыр ада ԥсыхәа ҟамлеит. Аинтернат аҿы зшоура халаз рацәаҩхеит", - ҳәа азгәеиҭеит Пасхалов.
Аинтернат аҿы афымцалашаразы ирымаз ауадаҩра атәы еиҭаҳәо Пасхалов иазгәеиҭеит, иҟарҵаз аҳәарала, ашкол иахьаҵанакуа алашара еиԥҟьарада ишрымоу.
"Аамҭала алашара андырцәо аамҭазы, аинтернат зҵазкуа ацәаҳәа иалакьысзом, избанзар лашарада ԥсыхәа ҳамаӡам. Алашара аныҟамла, аинтернат аҿы аҭагылазаашьа даара иуадаҩхоит. Алашара дырцәо ианалага, ҳдепутат иахь аҳәара ҟаҳҵеит џьара ԥсыхәак ҳзыҟарҵарцаз. Ҳҭагылазаашьа анырба ашьҭахь иӡбан ацәаҳәа зынӡагьы идмырцәаларц", - ҳәа азгәеиҭеит Пасхалов.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.