Владимир Путин Китаиҟа дцеит

Урыстәылеи Китаии рхадацәа реиԥылара мҩаԥысуеит ахәаша, Аолимпиатә хәмаррақәа – 2022 раартра аусмҩаԥгатә иалагаанӡа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 4 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Китаиҟа дцеит. Иныҟәара апрограммаҿ иарбоуп аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа раартра аусмҩаԥгатә алахәхареи КЖәР ахада Си Цзиньпин иԥылареи ҳәа аҩуеит РИА Новости.

Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иҳәеит Урыстәылеи Китаии рхадацәа реиԥылара мҩаԥысуеит ахәаша, Аолимпиатә хәмаррақәа – 2022 раартра аусмҩаԥгатә иалагаанӡа ҳәа. Аолимпиада аартра мҩаԥгахоит асааҭ 15:00 рзы.

Иара иажәақәа рыла, аиԥылара аформат нагӡа рымоуп.
Аҩ-тәылак рхадацәа алацәажәараны иҟоуп жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа, ашәарҭадара ахәдықәҵаразы аилацәажәарақәа рызҵаара, ԥхьаҟатәи русеицура, аенергетика, аинвестициатә усеицура, акосмос уҳәа.