Амилаҭтә парк "Аԥсны" аартын 2021 шықәса ԥхынгәы 27 рзы Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан.
Аетнографиатә парк аҵакырадгьыл аа-гектарк рҟынӡа инаӡоит. Аҭааҩцәа уаҟа ирбар рылшоит ажәытәан аԥсуаа рынхашьа-рынҵышьа зеиԥшраз, иахьынхоз рыҩнқәа шеиҿкааз, рхы иадырхәоз амаҭәарқәеи аҩнымаҭәеи, афатә ахьыҟарҵоз уҳәа. Апарк аҵакырадгьыл иҭагылоуп аԥацха, амҳара, акәасқьа, аекскурсиақәа мҩаԥыргоит. Аус руеит ажьирҭеи аҳаԥшьаӡратә ҟазарҭеи.
Амилаҭтә парк "Аԥсны" аргыларазы мҽхакы ҭбаала аусурақәа хышықәса ицон. Апроект авторс дамоуп анаплакҩы Мзауҷ Ԥлиа, ацхыраара ирҭеит аҵарауаҩ Адгәыр Какоба, асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа, Аԥсны абџьарҟаҵаҩцәа рхеилак аиҳабы Ҭемыр Ӡиӡариа.
Аԥсны ауааԥсыреи урыстәылатәи аррамаҵзурауааи рзы апарк аҭалара хәыдаԥсадоуп.
Аетнографиатә парк "Аԥсны" амузеи аиҳабы Илона Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аӡынгьы аҭааҩцәа шрымоу, апарк иахьазы аус шауа, аҭааҩцәа рзы акрыфарачара шеиҿкаахо, апарк аусзуҩцәа иаадрыхуа аҭаҭын азҿлымҳара ахьынӡамоу уҳәа ртәы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.