АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. COVID-19 змоу ачымазцәа ирнырыз ауаа уаҳа акарантин ахь ацара рықәшәаӡом, абри атәы аҳәоит Урыстәыла асанитартә ҳақьым хада лнапы зҵалҩыз ақәҵара. Адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа апортал аҿы.
Ақәҵара амч аиуеит амҽыша.
Урыстәыла аиҳабыра акоронавирус змаз ачымазцәа ирнырыз ауаа рзы акарантин маҷ-маҷ ишаԥырхуа азы ари амчыбжь азы иҳәахьан атәыла ахада Владимир Путин. Иара ишиҳәаз ала, арҭ рҩызцәа аԥҟарақәа аларгалоит COVID-19 аштамм "омикрон" амҩасшьа зеиԥшроу ҳасаб азуны.
Адунеи атәылақәа жәпакы акарантин аамҭа дырмаҷуеит. Убас, ЕАА, Израиль, Бырзентәыла, Швеицариа атәылақәа рҿы аҽыԥхьакра хәымш роуп иахьцо, Германиа акәзар, алаҵа ҟазҵахьоуи ачымазара зхызгахьоуи ичмазаҩу ирнырзар ахыԥхьакрахь имцар рылшоит.