Аԥсны

Аслан Бжьаниа Анатоли Бибилов иирамш идиныҳәалеит

Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов жәабран 6 рзы 52 шықәса ихыҵуеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов иирамш идиныҳәалеит.
Бжьаниа Бибилов ҭелла дизасын, изеиӷьеишьеит "агәабзиара, аԥсҭазааратә гәаҳәара, агәҭакқәа рынаӡара" ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Уи адагьы, Бжьаниа ихаҭа ихьӡалеи Аԥсны жәлар зегьы рыхьӡалеи Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иахь ишьҭит адныҳәаларатә шәҟәы. Уа иара иазгәеиҭеит Бибилов инапхгарала Аахыҵ Уаԥстәыла жәларбжьаратәи аренаҿы аҭыԥ иаҳа-иаҳа арӷәӷәара ишаҿу, аҳәаанырцәтә ҳәынҭқаррақәеи иареи реимадарақәа шарҭбаауа.
"Ҳаҭыр зқәу Анатоли Илиа-иԥа, сара пату ду сзақәуп ҳаиашьаратә ҳәынҭқаррақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа, хаҭала Шәара аԥсуа-аахыҵуаԥстәылатәи аусеицура арӷәӷәаразы иҟашәҵо алагала", - ҳәа инаҵишьит Аԥсны ахада.