Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аҟәысба Ҭырқәтәыла COVID аганахьала аҭагылазаашьеи аԥкрақәеи ртәы

Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнак, Аԥсуа культуратә центрқәа ԥасатәи рхада Аҭанур Аҟәысба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит уи атәылаҟны ачымазараҿкы аганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу, иарбан ԥкрақәоу иахьазы иҟоу.
Sputnik
"…ҿыцны ицәырҵыз ачымазара ахкы ус иџьбараны, ԥырхага ду рынаҭаны ирхырго смаҳацт, аиашазы. Ажәытә иҟаз агрипп чмазара рхыргошәа ауп ишыҟоу.
Аԥкрақәа ҳәа ус ажәытә ишыҟаз иҟаӡам. Иахьа зҿы асабрада амоу аныумбо, ас ачымазара адунеи ҭыӡшәас ишалоу угәалашәаӡом. Аиҳарак ус иныҟәыргалоит, ирҳәалоит "шәыҽгәашәҭа, шәмеизааигәахан ауаа рацәа ахьыҟоу" ҳәа. Аиаша ҳҳәозар, ари иақәныҟәо маҷуп. Автобусла иныҟәоит, акино, атеатр ахь ицоит ауаа, аԥсҭазаара ажәытә ишыҟаз еиԥш имҩаԥысуеит. Ачымазара ганкахьала иҟоуп, аԥсҭазаарагьы даҽа ганкахьала иҟоуп, аха ахәшәтәырҭақәа, агәабзиарахьчара асистема ус ԥырхага ахьамам аҟынтә хьаас ирымаӡам. Асабрадақәа ныҟәыжәга рҳәоит, ус ауаа ирылабжьоит. Амала ачымазара злаҽу акарантин имоуп, адәахьы ддәылҵны дырбар, усҟан ахараԥса иқәшәар ҟалоит. Егьыс асабрада зуҿами ҳәа аӡәгьы уааникылаӡом. Иара, аиашазы, еизарак џьара имҩаԥыргозар, асабрада зҿам аӡәгьы дуԥылаӡом", - иҳәеит Аҟәысба.
Иара иазгәеиҭеит Ҭырқәтәыла атәылауаа аиҳараҩык алаҵа ҟарҵахьеит ҳәа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.