Аԥсны

Елҟан Ӷәазаа арекорд шьақәыргыланы атлетика хьанҭазы Урыстәыла Ахраҿа даиааит

Жәабран 3-10 рзы Ориол ақалақь аҿы имҩаԥысуеит атлетика хьанҭазы ахацәеи аҳәсеи рыбжьара Урыстәыла Ахраҿа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Аԥснытәи аспортсмен Елҟан Ӷәазаа аиааира игеит Ориол ақалақь аҿы имҩаԥысуа атлетика хьанҭазы Урыстәыла Ахраҿа аҟны. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы.
Иара аиааира игеит 61 кьыла зкапануа рыбжьара, ҩынтә ишьҭихыз аидара еизакны 263 кг иҟоуп (123 кг - зныҭрысла, ари Урыстәыла арекорд ауп, 140 - дагәҭасны).
Жәабран 3-10 рзы Ориол ақалақь аҿы имҩаԥысуеит атлетика хьанҭазы ахацәеи аҳәсеи рыбжьара Урыстәыла Ахраҿа. Уи иалахәуп 250-ҩык раҟара аспортсменцәа Урыстәыла арегионқәа 43 рҟынтәи.
Арҭ аицлабрақәа рҟны аиааира зго Европа ачемпионат ахь идәықәырҵоит.
Елҟан Ӷәазаа атлетика хьанҭазы арекорд шьақәыргыланы Урыстәыла дачемпионхеит
Калдахәаратәи ашкол-интернат ааӡамҭа Елҟан Ӷәазаа Аолимпиатә резерв иатәу Казантәи аҵараиурҭаҿы аҵара иҵоит, Марат Мадиаров инапхгарала иҽазыҟаиҵоит. Ҵыԥх иара арекорд шьақәыргыланы атлетика хьанҭазы Урыстәыла дачемпионхеит.
Уаанӡа аспортсмен Калдахәаратәи ашкол-интернат атлетика хьанҭа асекциаҿы иҽазыҟаиҵон СССР аспорт азҟаза Иасон Кьахьба инапхгарала.