Аԥсны

Аҟәа ахатәыҩнқәа хԥа амца ркит иҳаҩсыз аԥсшьарамшқәа рзы

Аҩнқәа ҩба рыхәҭақәак блит, аҽа ҩнык шьаҭанкыла иқәблааит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 7– Sputnik. Аҟәа ахатәыҩнқәа хԥа амца ркит иҳаҩсыз аԥсшьарамшқәа рзы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Беигәа имҩаҿы игылаз аҩны шьаҭанкыла иқәыблааит амцарцәаҩцәа ирылшоз зегь шыҟарҵазгьы. Аҭыԥ аҿы аус руан амашьынақәа ҩбеи аиқәырхаҩцәеи. Дара аҭыԥ ахь ианнеиз амҿтәыҩны амца иахьабалак иамҽханакхьан.
Ар рымҩаҿы ахатәыҩны амца акит шьыжьнаҵы, абылра ахьыҟалаз аҭыԥахь инеит амцарцәаратә гәыԥқәа хԥа. Аҩны ахыби акрыфарҭеи блит. Иара убас, инапқәеи ишьапқәеи блит 21 шықәса зхыҵуаз арԥыс. Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа раԥхьатәи амедицинатә цхыраара ирҭеит, уи ашьҭахь ахәшәтәырҭахь днаргеит.
АҶА Аҟәатәи аҟәша амцарцәаҩцәа ҩ-гәыԥки аиқәырхаратә гәыԥки абылра иацәырыхьчеит Адлеиба имҩаҿы уаҩ дызхымыз аҩны. Амца ааигәа игылаз аҩнқәа рахь ииасыр алшон, аха амцарцәаҩцәа амца арцәара рылшеит. Аҩбатәи аихагылеи ахыби блит. Ауааԥсыра ԥырхага рмоуит.