Адунеи зегьы аҿы Telegram аусураҿы аиԥҟьарақәа азгәаҭоуп

Урыстәылаа реиԥш амессенџьер Telegram активла рхы иадырхәоит Иран, Малаизиа, Украина, Ҟазахстан, Израиль, Индиа, Италиа, Испаниа, Саудтәи Аравиа, Сингапур руааԥсыра.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 7 – Sputnik. Адунеи зегьы аҟынтәи Telegram ахархәаҩцәа иаарыцхауеит аусураҿы аиԥҟьарақәа шыҟоу, ҳәа аҩуеит РИА Новости асаит Downdetector адыррақәа рышьаҭала.
Асаит аҟны ишазгәаҭоу ала, асааҭ 12:00 рзы 600 зыҳәа ҟарҵахьан иҟоу ауадаҩрақәа ртәы ҳәо Урыстәыла, Украина, Белоруссиа, Узбекистан, Польша уҳәа атәылақәа рҟынтәи.
35% адыррақәа рзышьҭуамызт, 33% асервер аҽаԥшьра рылшомызт, 32% а мессенџьер аусушьа иақәыӡбон.
Telegram-мессенџьер, Павел Дуров иаԥҵамҭоуп адыррақәеи амедиафаилқәеи реимдаразы, авидеои аудиоконференциақәеи рымҩаԥгаразы, аблогқәа раԥҵаразы. Амаҵзура адунеи атәылақәа жәпакы рҿы рхы иадырхәоит, 2021 шықәсазы ацҵақәа рнапы рыҵарҩит миллиард-ҩык.