Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Џьопуа арахә зааӡо анхацәа цхыраарас ироуа атәы

Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа еиҭеиҳәеит арахә рааӡараҟны анхацәа иарбан цхыраароу ироур зылшо аминистрра аҟынтәи.
Sputnik
Арахә рааӡара знапы алаку аҭаацәарақәа ацхыраара рыҭаразы, аҭыҧантәи аалыҵ аџьырмыкьаҿы инеиртә аҟаҵаразы Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра апроектқәа адгылара рнаҭоит. Ҭаҭырсҭанынтәи Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп арахә анхацәа рыҭаразы.
"Аԥсны арахә ааӡара хырхарҭакны иалкаауп 100 миллион мааҭ абиуџьет аҟынтәи иззоужьу Ақыҭанхамҩа аҿиара апроект. Уи иаанаго арахә ааӡарҭа ҿыцқәа ргыланы арахә аагара акәӡам, анкьа Асовет Еидгыла аан аколхозқәа аныҟаз еиԥш. Ақыҭаҟны арахә рааӡара иаҿу аҭаацәарақәа, рырахә ажәла еиӷьхарц, иара ус хәба-фба хы раахәараҟны ацхыраара зҭахыз, ҳкомиссиа иалнакааит. Игәарҭеит ауаа рҭагылазаашьа зеиԥшроу, арахә ааӡара зылшо. Уи рганахьала 22 проект ахьыҟаз 17 ҳадаҳкылеит", - иҳәеит Џьопуа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.