Аԥсны

Риҵатәи ас ду: аӡынтәи асахьақәеи ааԥынтәи ашәҭқәеи

Сынтәа Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҿы асы шаҟа леиз аҟара ҟамлацызт аҵыхәтәантәи 15 шықәса раахыс.
Sputnik
Сынтәатәи аӡын уамакала ихьҭоуп, асгьы лассы-лассы илеиуеит. Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҿы асы шаҟа леиз аҟара ҟамлацызт аҵыхәтәантәи 15 шықәса раахыс, илеиз асы ҭыԥқәак рҟны аҿыгҳара 2,5 метра иҟоуп.
Риҵа асы анлеилак иаҭаауа рхыԥхьаӡара акырӡа еизҳауеит. Есышықәса ус иаԥуп, аҭыԥантәи ауааԥсыреи аԥсшьаҩцәеи, сыла иҭалаҳау аӡиеи иблахкыгоу ашьхақәеи рфотосахьақәа ҟазҵарц иаҭаауа рацәаҩуп. Аӡынразы апарк аҵакыра аҭаларазы аӡынтәи арезина зҵам амашьынақәа рхалара ԥкуп.
Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк 1930 шықәсазы иаԥырҵаз Риҵатәи аҳәырԥсарра шьаҭас иаҭаны 1996 шықәсазы иаартын. Амилаҭтә парк ахи-аҵыхәеи 390 километр ԥшьыркца аҵанакуеит. Риҵатәи амилаҭтә парк аԥшӡарақәа ирыҵаркуеит – Риҵа ду, Риҵа маҷ, аӡиа Мзы, Ауадҳара, Ҩыԥсара аиҩхаа, аӡиас Бзыԥ аиҩхаара, аӡхыҽҽарақәа.
Апарк ахышәаҵышәа 390 километр ԥшьыркца иҟоуп.
1 / 13

Сынтәа Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҿы асы шаҟа леиз аҟара ҟамлацызт аҵыхәтәантәи 15 шықәса раахыс.

2 / 13

Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк ӡынгьы-ԥхынгьы аԥсшьаҩцәа рацәаҩны изҭаауа аҭыԥқәа иреиуоуп.

3 / 13

Асы иалху, ирлас иҵаауа "ахаҿсахьақәа".

4 / 13

Абас иҟоуп аӡынтәи Риҵатәи аҩхаа асахьа.

5 / 13

Илеиз асы ҭыԥқәак рҟны аҿыгҳара 2,5 метра иҟоуп.

6 / 13

Ауадҳаратәи аҩнқәа асы "иагәыдаҳәҳәала" игылоуп.

7 / 13

Аԥсны илеиуа асы хьанҭоуп.

8 / 13

Шықәсқәак раԥхьа аӡиа Риҵа аҵаа хылеит, аха сынтәа ус иҟамлаӡеит.

9 / 13

Апарк аҵакыраҿы асыԥса алеира иацәшәаны амҩақәа аркын.

10 / 13

Иблахкыгоу асахьақәа-ааԥынтәи ашәҭқәеи аси.

11 / 13

Анарцисс шәҭқәа - ааԥынра ааира иазыԥшуп.

12 / 13

Еиҭаҳәашьа змам Риҵа маҷ аԥшӡара.

13 / 13

Риҵа- аԥсабара иҭнахыз асахьа.