Аҳауатә лышәшәақәа ирыхҟьаны Шәачатәи аӡиасқәа шьҭыҵыр ҟалоит

Уажәаԥхьа аҳауагәаҭаҩцәа ирҳәахьан ашьхараҿы асоура иахҟьаны Шәачатәи акурортқәа рҟны асыԥсақәа леир ҟалоит ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 8 – Sputnik. Илеиуа алышәшәақәеи ашьхараҟны иҵаауа аси ирыхҟьаны Шәачатәи аӡиасқәа шьҭыҵыр ҟалоит, абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә иатәу АҶА аусбарҭа хада апресс-маҵзура.

"Шәача ақалақь иахьаҵанакуа жәабран 9 2022 шықәсазы ӡиасқәак рыҟны аӡы ашьҭыҵра иазыԥшуп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Уажәазы ақалақь-курорт агаҿа амш шәшьуп, аҳауаԥхарра +12 градус ыҟоуп.
Аиқәырхаҩцәа ауааԥсыра рахь аҳәара ҟарҵоит заа аӡхыҵра рҽазыҟарҵарц- рышәҟәқәа, рымаҭәа, рыхәшәқәа еиқәдыршәарц, иаҭаххны иҟалозар зықәра ыҟоуи аҳәыҷқәеи рыцхыраара иазхиазарц, аҩнытә ԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рыҭра иҭыргарц, афымцалашареи агази аҿырхарц, иара убас амца дырцәарц.
Жәабранмза алагамҭазы ишьҭыҵыз аҳауаԥхарра иабзоураны асы аӡҭра иалагеит, уи иахҟьаны Краснодартәи атәылаҿацә аҟны 700 ҩны аӡқәа рыҵалеит.